Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра - Европа ахеилак аминистериал аҿы алахәыла-тәылақәа даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, атерриториатә акзаареи, асуверенитети шрыдгыло
Европа ахеилак аминистериал аҿы ирыдыркылаз адекларациа ала, алахәыла-тәылақәа даҽазнык шьақәдырӷәӷәеит Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, атерриториатә акзаареи, асуверенитети шрыдгыло, – иануп Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.
“Лаҵара 16-17 рзы Страсбург имҩаԥысыз Европа ахеилак 133-тәи аминистериал рхы аладырхәит Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиеи Европа ахеилак аҿы Қырҭтәыла еснагтәи ахаҭарнак Ҭамар Талиашвилии.
Лихтенштеин аҟынтә ахантәаҩы аиубилеитә декларациа цәыргигеит, адекларациаҿ аиҿкаара амш аусхәаԥштә иалоу ихадоу азҵаарақәа аарԥшын, урҭ иреиун Қырҭтәыла ахьыԥшымреи, атерриториатә акзаареи, асуверенитети рыдгылара.
Аминистериал аҿы ирыдыркылеит аӡбарақәа рпакет, ари ала адгылара азаадырԥшит 2024 шықәса лаҵара 7 рзы Европа ахеилак аминистрцәа рхаҭыԥуаа ркомитет аднакылаз аӡбара “Европа ахеилаки Қырҭтәыла иҟоу аимаки” иазкны.
Европа ахеилак ахантәаҩ-тәылас фымзтәи аҿҳәарала Лихтенштеин иалхын.
Аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиа ҩганкалатәи аиԥыларақәа мҩаԥигеит”, – иануп Қырҭтәылa Адәныҟaтәи aусқәa рминистрра аланарҵәаз аинформациа аҿы.