Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит

Қырҭтәыла ҩынтә адгьылҵысра ҟалеит.

Адгьылҵысра Қарҭтәи аамҭала асааҭ 02:03 рзы иҟалеит.

Адгьылҭҵааратә институти Асеисмологиатә мониторинг азы амилаҭтә центр аинформациала, аепицентр Они ааигәара, ақыҭа Орҭа аҿы иҟан.

Адгьылҵысра 5.4 амагнитуда амч аман.