Қырҭтәыла ҩынтә адгьылҵысра ҟалеит. Қарҭтәи аамҭала асааҭ 17:44 рзы иҟалаз адгьылҵысра 4.8 амагнитуда амч аман, асааҭ 17:50 рзы иҟалаз адгыьлҵысра – 4.2 амагнитуда.
Адгьылҭҵааратә институти Асеисмологиатә мониторинг азы амилаҭтә центр аинформациала, аепицентр Они ааигәара иҟан.