Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центр адыррақәа рыла, иаха Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.
3,0 (ML) амч змаз адгьылаҵантәи аахақәа ҟалеит қырҭтәылатәи аамҭала асааҭ 03:39 рзы. Адгьылҵысра аепицентр 16 км. рыла Ҵалка инахыганы, Мамишлар ақыҭа ааигәара иҟан.