Қырҭтәыла аҵҟьара иазку азакәан дырџьбароит
Қырҭтәыла аҵҟьара иазку азакәан дырџьбароит

Қырҭтәыла аҵҟьара иазку азакәан дырџьбароит. Еврокомиссиа  9-тәи абжьагара инақәыршәаны,  «Ашьауҕа-азинтә закәанеидкыла» аҧсахрақәа аларгалоит. Аҧсахрақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп агендертә зинеиҟарара арҕәҕәареи аҳәса рзы амчылара иаҿагыло ақәҧара арҕәҕәареи.

Азакәанпроект инақәыршәаны,  амчылара зхызгаз аҧҳәыс заанаҵы имлазҵаакәа, лықәшаҳаҭрада  лрыцқьара  ҟалом, абри аҩыза ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 4 инаркны 8 шықәсанӡа аҭакра.

Азакәанпроект инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу ауранагӡараан аҧҳәыс дыҧсыр, ари ацәгьаура ҟазҵаз ауаҩҧсы 5 шықәса инаркны 10 шықәсанӡа аҭакра иқәшәоит.