"Қырҭтәыла ачааглыхцәа реидгыла" ахантәаҩы ача аԥынгылатә ахә ашьақәыргылара идҵаны иқәиргылоит
“Қырҭтәыла ачааглыхцәа реидгыла” ахантәаҩы Малхаз Долиӡе ача аԥынгылатә ахә ашьақәыргылара идҵаны иқәиргылоит, уи иалҵшәаны адәқьанқәа ачазы рхатә ахә ақәыргылара рылшахом.
Малхаз Долиӡе иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәсқәа еиҿҳарԥшыр, адунеи аџьармыкьаҿ ашыла ахә мариахеит, иара убас имаҷхеит ахазалхратә шәахтәқәа, ача ахәгыь мариахар акәын, аха ари азы аӡбара адәқьанқәа рыдыркылоит.
Мамука Долиӡе ишааицҳаз, атәылаҿ есышықәса рхы иадырхәоит 650 000 тонна ашыла, уантә 150 000 тонна Қырҭтәыла аадрыхуеит. Долиӡе ишахгәеиҭаз, сынтәа Қырҭтәыла ача рыц ҽаҩра даара бзиоуп.