Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаз аҭырқәа арратә ҳаирплан «аиашьықь еиқәа» Ҭырқәтәылаҟа инагоуп
Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ икаҳаз аҭырқәа арратә ҳаирплан «аиашьықь еиқәа» Ҭырқәтәылаҟа инагоуп. Ари атәы аанацҳаит ателеканал CNN TÜRK.
Ателеканал акорреспондент идыррақәа рыла, «аиашьықь еиқәа» Қырҭтәыла иҟаз аҭырқәа делегациеи арратә маҵзуҩцәеи ирыҭан, дара роуп уи Ҭырқәтәылаҟа иназгаз.
Иаха Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан ааицҳаит аҳаирплан «аиашьықь еиқәа» шырҧшааз.