Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауааажәларратә гәабзиареи рилаҭтә центр аинформациа ала, атәылаҿ SARS-CoV-2 индиатәи аштамм ала ачымазаҩхара афакт аарԥшын.
Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауааажәларратә гәабзиареи рилаҭтә центр аҟынтә ишаарыцҳаз ала, индиатәи аштамм рыдбалан хәҩык аныҟәаҩцәа
“Акомпетенциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ачымазарақәа рхылаԥшреи ауааажәларратә гәабзиареи рилаҭтә центр атәылаҿ иаарԥшу SARS-CoV-2 аштаммқәа рмиониторин иааҟәымҵӡакәа мҩаԥнагоит. Аепидхылаԥшра аҳәаақәа ирҭагӡаны, атәыла иаҭааз хәҩык аныҟәаҩцәа PCR аҭҵаареи асеквенирреи ирылҵшәаны аарԥщын SARS-CoV-2 индиатәи аштам.
Ачымазаҩцәа зегьы аидентификациа рзууп, арҭ аҽыԥхтакрахь иаган. Хәҩык рҟынтә хҩык рыԥсадгьылқәа рахь ихынҳәит,” – иануп ацентр аинформациа аҿы.