Қырҭтәыла аамҭалатәи атәылауаҩра аиҭашьақәыргылареи атәылауаҩра амазаара азини аҿҳәара ацҵоуп 2022 шықәса ҧхынҷкәын 31-нӡа
Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили «Қырҭтәыла атәылауаҩра иазку» аоргантә закәан иалагалоу аҧсахрақәа лнапы рыҵалҩит. Қырҭтәыла аамҭалатәи атәылауаҩра аиҭашьақәыргылареи атәылауаҩра амазаара азини аҿҳәара ацҵоуп 2022 шықәса ҧхынҷкәын 31-нӡа.
«Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили «Қырҭтәыла атәылауаҩра иазку» аоргантә закәан иалагалоу аҧсахрақәа лнапы рыҵалҩит, аҧсахрақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аамҭалатәи атәылауаҩра аиҭашьақәыргылареи, иара убас, атәылауаҩра амазаара азини аҿҳәара ацҵоуп 2022 шықәса ҧхынҷкәын 31-нӡа.
Қырҭтәыла ахаада абри азакәан амч аҭара дақәшаҳаҭуп. Атәыла ахада иҩбоу атәылауаҩра азҵаара аус адулара далагеит шықәсқәак раҧхьа, апарламент адепутатс даныҟаз», — ирҳәеит атәыла ахада лусмҩаҧгарҭаҿы.
Аусмҩаҧгарҭа адырра ала, уажәазы Қырҭтәыла ахадеи Аиустициа аминистрреи, Қырҭтәыла атәылауаҩра аҭареи, ахьчареи, аиҭашьақәыргылареи аҧҟарақәа рырмариазы аус еицыруеит.