Қырҭтәыла аԥыза-министр асенатор Шаҳини аконгрессмен Тернери дырԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр асенатор Шаҳини аконгрессмен Тернери дырԥылеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАШ асенатор Џьин Шаҳини аконгрессмен Маик Тернери дырԥылеит. Аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи ЕАШ-и ирыбжьоу астратегиатә партниорреи ҩганктәи еизыҟазаашьақәа рҿаԥхьа иҟоу ааԥхьарақәеи ирыхәаԥшит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит еизыҟазаашьақәа шырҿыцтәу, ақырҭуа ган ари шазыхиоу.

Аԥыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла ЕАШ узықәгәыӷыша партниорс иаанхоит.

Аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ Робин Даннигани, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.