Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит
Қырҭтәыла аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа мҩаҧысуеит. Атәылауаа аҳҭнықалақьи 63 амуниципалитетқәеи рҿы ахадацәа алырхуеит. Иара убас, амажоритартә депутатцәа ралхареи апартиақәа абжьқәа рыҭареи ала, алхыҩцәа атәыла зехьынџьара еиқәдыршәоит 64 ақалақьтә хеилакқәа («сакребуло») реилазаара.
Қырҭтәыла иаку алхратә сиа иануп 3 497 345ҩык атәылауаа.