Қырҭтәыла  4.8 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит
Қырҭтәыла  4.8 магнитуда амч змаз адгьылҵысра ҟалеит

Иахьа шьыжьымҭан, қарҭтәи аамҭала асааҭ  6:09  рзы,  Қырҭтәыла адгьылҵысра ҟалеит.

Асеисмологиатә мониторинг амилаҭтә центр адыррақәа рыла, адгьылҵысра аепицентр Дедоҧлисҵҟаро иазааигәаны, Лениновка ақыҭан иҟан.

Адгьылҵысра  4.8 магнитуда амч аман.