Қырҭтәыла  Ҭырқәтәылантә иаиуит еиуеиҧшым атехника
Қырҭтәыла  Ҭырқәтәылантә иаиуит еиуеиҧшым атехника

Қырҭтәыла авиациеи аҳаиратә хыхьчареи арҕәҕәара амзызла,  Ҭырқәтәыла аиҳабыра Қырҭтәыла  Атәылахьчаратә мчқәа ирырҭеит еиуеиҧшым атехника.  Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адыррала, Марнеули иҟоу авиабазаҿ имҩаҧгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Григол Гиоргаӡеи, Атәылахьчаратә мчқәа рнапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ, аинрал Иракли Ҷиҷинаӡеи, Қырҭтәыла иҟоу Ҭырқәтәыла ацҳаражәҳәаҩ  Али Каан Орбаи.

«Авиациеи аҳаиртә хыхьчареи анапхгара аҭырқәа аган аҟынтә хәыда-ҧсада ироуит  аеродромтә атехника ҷыдеи  аветролиотқәа  UH-1H ахәҭақәеи.

Ақырҭуа аган ари атехника роуит Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара арра-финанстә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.