Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани х-ганктәи аиҧылара алахәылацәа азеиҧш пресс-релиз аладырҵәеит
Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани х-ганктәи аиҧылара алахәылацәа азеиҧш пресс-релиз аладырҵәеит.
Апресс-релиз ишану ала, 2025 шықәса мшаҧы 17 рзы, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, Шәамахьтәыла Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Арарат Мирзоиани, Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеиҳун Баирамови ринициативала, Қарҭ, Қырҭтәылеи, Шәамахьтәылеи, Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистцрәа рхаҭыҧуаа реиҧылара мҩаҧган.
Апресс-релиз ишану ала, аиҧылара алагамҭаз, уи алахәылацәа — Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиеи, Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Елнур Маммадови, Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Ваҳан Костаниани Аахыҵ Кавказ 3 әтылак рхаҭарнакцәа реиҧылара ишазыразу рҳәеит. Дара ишазгәарҭаз ала, арҭ атәылақәа, аусеицура аганахьала макьана ахархәара змам апотенциал ду рымоуп, ари аусеицура шьақәгылароуп дара-дара рсуверинитети рҵакырадгьылтә акзаареи пату рықәҵара ашьаҭала.
Аиҧылара хықәкыс иаман х-ганктәи аусеицура апроцесс азы ашьаҭа аҧызҵаша ахырхарҭақәа ирызкны агәаанагарақәеи азеиҧш интересқәеи реиҭныҧсахлара. Наҟ-наҟ уи арегион мышхәыбзазареи, аҭышәынтәалареи, иҭышәынтәалоу аҿиареи иацхраауеит. Иахьатәи аиҧылара уажәазы иҟоу аусеицура аформатқәа ирҧырхагам, уи агәылара иҟоу 3 тәылак рыбжьара ихырҳагоу аконструктивтә усеицура аиқәыршәаразы даҽа ҽазышәарак ауп.
Аиҧылара анҵәамҭаз аганқәа рхаҭарнакцәа аиҧылара аконструктивтә ҟазшьа ибзианы иахцәажәеит. Дара ишырҳәаз ала, ари аиҧылара иахәаҧшуеит агәреибагара арҕәҕәареи иаҳа иҳараку аҩаӡараҟны адиалог анагӡареи азы алагамҭатә етап аҳасабала.