Қырҭтәылеи Сербиеи рхадацәеи рыҳәсеи Апатриарх Шио III иҧылеит

20:21, 15.06.2026

Қырҭтәылеи Сербиеи рхадацәеи рыҳәсеи Апатриарх Шио III иҧылеит. Қырҭтәыла ахада ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

Аиҧылара мҩаҧган Қырҭтәыла Апатриархиаҿы,  Сербиа ахада Алеқсандр Вучич Қырҭтәыла иофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны.

«Аиҧылараҿы  ҳқьырсиантә ажәларқәа рыбжьара ашәышықәсарацәалатә аҭоурыхтәи, акультуратәи, адоуҳатәтәи аимадарақәа ҳрылацәажәеит. Ҳара даҽазнык ҳаицҿакны иазгәаҳҭеит ҳтәылақәа рыбжьара  ҩ-ганктәи аиҩызаратә аизыҟазаашьақәеи апартниорреи иаҳа рырҕәҕәара аҵакы ду шамоу», — иҩит Ҟавелашвили асоциалтә аҳаҿы.

 

Еиԥшу