Ақырҭуа џьрмыкьаҿ аусура иалагеит европатәи авиаеилахәыра ҿыц Air Serbia. Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа рассоциациа адыррақәа рыла, авиаеилахәыра ишиашо ареисқәа мҩаҧнагоит мчыбжьыкахь хынтә, аҳаирплан Airbus 319 ала.
Иахьа Air Serbia Белградынтә Қарҭҟа раҧхьатәи ишиашо ареис мҩаҧнагеит. Раҧхьатәи ареис апассаџьырцәа дреиун Сербиа адәныҟатәии аҩныҵҟатәи ахәаахәҭра аминистр Иагода Лазаревич. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы Лазаревич иҧылеит адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭисишвилии, Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа рассоциациа агенералтә директор Леван Мосешвилии, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи иҟоу Сербиа ацҳаражәҳәаҩ Татиана Панаутович-Цветковичи.