Қырҭтәылеи Китаии рнапы аҵарҩит ақырҭуа ацха китаитәи аџьармыкьашҟа анагара иазку азин
Қарҭ имҩаҧысуит Қырҭтәеи Китаии рхәаахәҭра-економикатә усеицура азеиҧш комиссиа 9-тәи аилатәара. Қырҭтәыла актәи авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвилии Китаитәи жәлартә республика акоммерциа аминистр ихаҭыҧуаҩ Лин Ӡини реицхантәаҩрала имҩаҧгаз аилатәараҿы ҩ-тәылак рхәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа ирыҵанакәа азҵаарақәа ирыхәаҧшит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара зхы иақәиҭу ахәаахәҭра арҭбаара аперспективақәеи, аинвестициатә еизыҟазаашьақәеи, иара убас, атранспорти, алогистикеи, аенергетикеи, аинформациатә технологиақәеи, аинновациақәеи, атуризми, ақыҭанхамҩеи, егьырҭ аусхкқәеи рҿы аусеицуреи уи арҭбаара аперспективақәеи ирзааҭгылеит.
Леван Давиҭашвили ишиҳәаз ала, 2024 шықәсатәи адыррақәа инрықәыршәаны, атәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара азҳаит 17%-ла, ари арбага 1.92 миллиард адоллар иаҟарахеит. Қырҭтәылазы зҵакы дуу ахәаахәҭратә партниорцәа рыгәҭа Китаи аҧшьбатәи аҭыҧ ааннакылоит.
Аилатәара ашьҭахь, Леван Давиҭашвилии Лин Ӡини Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара ахәаахәҭа-економикатә усеицура азеиҧш комиссиа 9-тәи аилатәара апротокол рнапы аҵарҩит, иара убас, ақырҭуа ацха китаитәи аџьармыкьашҟа анагаразы еиқәшаҳаҭхеит, убри адагьы, хара имгакәа ихыркәшахоит аҧсаатә ажьы китаитәи аџьармыкьашҟа анагара иадҳәалоу аиҿцәажәарақәа.
Леван Давиҭашвили китаитәи аделегациа анапхгаҩы Қарҭ имҩаҧысуа „Абырфынтә мҩа“ ахәбатәи афорумахь ааҧхьара ииҭеит. Ари афорум мҩаҧысуеит сынтәа, жьҭаара 22-23 рзы.