Қырҭтәылеи Казахстани рҧыза-министрцәа ишиашо реиҧылара ашьҭахь, ирҭбаау аформатаҿ аиҿцәажәарақәа нагӡахеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи Казахстантәи ареспублика аҧыза-министр Олжас Бектенови ишиашо реиҧылара ашьҭахь, ирҭбаау аформатаҿ аиҿцәажәарақәа мҩаҧган, урҭ ирылахәын ҩ-тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа.
Аиҧылара алахәылацәа атуризми аинвестициатә усхки рҿы аусеицуреи, иара убас, Абжьаратә корридор аҿиара ацхраареи, иацҵаны аидарақәа рыдаҧхьалара ахырхарҭала еицырзеиҧшу аҽазышәарақәеи рҵакы иалацәажәеит. Иара убас, Қырҭтәыла атранспорттә инфраструктуреи Амшын еиқәа абаҕәазақәеи рыла казахстантәи аенергоресурсқәа рымҩангара аҭаӡара аизырҳара аперспективақәа ирылацәажәеит.
Иракли Кобахиӡе казахстантәи иколлега ақырҭуа делегациа гәыкала рыдкыларазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ишазгәеиҭаз ала, ҩ-тәылак атрадициатә аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа рыла еидҳәалоуп.
Казахстантәи ареспублика аҧыза-министр Олжас Бектенов Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла аҧыза-министрс иалхра идныҳәаланы, ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит. Олжас Бектенов ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҧыза-министр ивизит абзоурала, ҩ-ганктәи аусеицураҿы аперспектива ҿыцқәа цәырҵуеит.