Қырҭтәылеи Еиду Арабтәи Аемиратқәеи аекономикатә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит

18:37, 10.10.2023

«Қырҭтәылеи Еиду Арабтәи Аемиратқәеи аекономикатә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра (CEPA) ахьрыбжьарҵаз даара сеигәырӷьоит» , — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр  Иракли Ӷарибашвили Қырҭтәылеи Еиду Арабтәи Аемиратқәеи аекономикатә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониаҿ.

«Ҩтәылак рыбжьара еизыҟазаашьақәа ретап ҿыц иалагоит, ари аиқәшаҳаҭра иабзоураны ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа имариахоит, ҳажәларқәа рзы ихырҳагахоитю Ишәыдысныҳәалоит!» — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.

Қырҭтәылеи Еиду Арабтәи Аемиратқәеи аекономикатә усеицура иазку аиқәшаҳаҭра (CEPA) рнапы аҵарҩит Қырҭтәыл вице-аԥыза, Аекономика аминистр Леван Давиҭашвилии Еиду Арабтәи Аемиратқәа ахәаахәҭразы аминистр Ҭани бин Ахмед Аль Заиуди.

Еиԥшу