Қырҭтәыла имҩаҧысуеит амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа «Троиатәи ашьҭа  24»
Қырҭтәыла имҩаҧысуеит амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа «Троиатәи ашьҭа  24»

Қырҭтәыла имҩаҧысуеит амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа «Троиатәи ашьҭа  24». Атәылахьчара аминистрра адыррала,  азыҟаҵарақәа ирылахәып Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа аоперациа ҷыдарақәа рзы аҟәшақәа.

Азыҟаҵарақәа раартра аофициалтә церемониа мҩаҧган НАТО-Қырҭтәылатәи азыҟаҵаратә центр аҿы.

Европа иҟоу Америка аоперациа ҷыдақәа рзы анапхгара еиҿыркааз азыҟаҵарақәа «Троиатәи ашьҭа  24»,  аамҭакала 3 тәылак рҿы имҩаҧысуеит  — Румынтәылеи,  Бырзентәылеи,  Қырҭтәылеи. Қырҭтәыла имҩаҧысуа азыҟаҵарақәа ирылахәып Америкеи,  Британиа Дуи,  Румынтәылеи,  Польшеи,  Испаниеи рырратә маҵзуҩцәа.

Азыҟаҵарақәа  «Троиатәи ашьҭа 24» хықәкыс ирымоуп урҭ  ирылахәы атәылақәа рыбжьара  аоперативтә ашьашәалазаареа аизырҳареи,  аҧышәа аиҭныҧсахлареи,  ахиазаара аиҕьтәреи.