Қырҭтәыла иаҭааит Латвиеи, Естониеи, Лиетувеи, Исалндиеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа
Қырҭтәыла иаҭааит Латвиеи, Естониеи, Лиетувеи, Исалндиеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа

Латвиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Баиба Бражеи, Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цаҳкнаси, Исландиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Тордис Кобрун Гильфадотири, Лиетува Адәныҟатәи аусқәа рминистр Габриелиус Ландсбергиси Қырҭтәыла иаҭааит, – асоциалтә каҭаҿы ааицҳаит Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цаҳкнас.

Иацы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Латвиеи, Естониеи, Лиетувеи, Исалндиеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили дырԥылоит, иара убас аиԥыларақәа мҩаԥысуеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии апарламент иалоу аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәеи рҟны.  Иара убас апланқәа ирылоуп атәылуаҩратә еиҿкаарақәеи аиҳабыра ахаҭарнакцәе ирҟны аиԥыларақәа. Латвиеи, Естониеи, Лиетувеи, Исалндиеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа апрессконференциа еицымҩаԥыргоит.