Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аекономикеи аклимат ахьчареи азы аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ
Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аекономикеи аклимат ахьчареи азы аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ

Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа аинформациа инақәыршәаны, рашәара  19 – 22 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Германтәыла Аекономикеи аклимат ахьчареи азы аминистрра аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Свен Гегольд.

Ацҳаражәҳәарҭа адыррала, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицуп аргыларатә сектор иалахәы аилахәырақәа рхаҭарнакцәа.  Авизит хықәкыс иамоуп Германтәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аекономикатә еизыҟазаашьақәа рырҕәҕәареи,  анемеци ақырҭуеи еилахәырақәа реизааигәахара ацхраареи, Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш адгылареи.

Свен Гегольди аделегациа алахәылацәеи Қырҭтәыла Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрреи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рҿы аиҧыларақәа мҩаҧыргоит, иара убас, атәылауаҩратә уаажәларреи арелигиатә аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәагьы ирҧылоит.