Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аофициалтә визитла Шәамахьтәыла даҭаауеит
Иахьа Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аофициалтә визитла Шәамахьтәыла даҭаауеит. Атәыла ахада аделегациа ицуп.
Қырҭтәыла ахада иадминистрациа апрессмаҵзура адыррақәа рыла, жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза „Звартноц“ аҿы атәыла ахада диҧылоит Шәамахьтәыла авице-аҧыза Тигран Хачатуриан.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада Шәамахьтәыла ахада диҧылоит апрезидент иҩнаҿы. Аплан иарбоуп Михаил Ҟавелашвилии Ваҳагн Хачатуриани ишиашо реиҧылареи, ирҭбаау аформатаҿы аиҧылареи, убри анеҩс, ҩ-тәылак рхадацәа амедиазы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Михаил Ҟавелашвили, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан диҧылоит.
Қырҭтәыла аделегациа иалоуп: атәыла ахада иадминистрациа аиҳабы Қеҭеван Квиникаӡе, адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа, Қырҭтәыла апарламент аханәтаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Вольски, адепутатцәа – Самвел Манукиан, Сумбат Киуредиан, адәныҟатәи аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы атәыла ахада ибжьагаҩ Лука Ехваиа.