Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Аӡӡаахра аныҳәа инамаданы, 613ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхихит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Аӡӡаахра аныҳәа инамаданы, 613ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхихит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, Аӡӡаахра аныҳәа инамаданы, 613ҩык абаандаҩцәа ашьауҕа рхихит, – Қырҭтәыла ахада ари аинформациа алаирҵәеит асоциалтә аҳаҿы.

„Қырҭтәыла ахада,  Аконституциала ианашьоу аексклиузивтә ҧхықәрақәа ихы иаирхәоит агуманизм апринципи аҳәынҭқарратә интересқәеи рышьаҭала.

Иаарҧшу агәыҳалалратә азнеишьа абзоурала, ашьауҕа зхыху ауааҧсыра рҭаацәарақәа рышҟа ахынҳәреи  ауаажәларра алахәылацәас аиҭаҟалареи рылшоит“,- иануп атәыла ахада исоциалтә аҳаҿы аларҵәара зауз аинформациаҿы.