Қырҭтәыла  ахада, арегбистцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, Арегби азы еидгыла ахаҭарнакцәеи Аҳаҭыртә орденқәеи амедальқәеи ранеишьеит
Қырҭтәыла  ахада, арегбистцәеи, азыҟаҵаҩцәеи, Арегби азы еидгыла ахаҭарнакцәеи Аҳаҭыртә орденқәеи амедальқәеи ранеишьеит

Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили еицыҟарҵаз ажәалагала шьаҭас иҟаҵаны, атәыла ахада Михеил Ҟавелашвили арегбистцеи, азыҟаҵаҩцәеи, Арегби азы еидгыла ахаҭарнакцәеи Аҳаҭыртә орденқәеи амедальқәеи ранеишьеит.

Арегби азы амилаҭтә аизга алахәылацәеи, азыҟаҵаҩцәеи, амилаҭтә федерациа ахаҭарнакцәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа 2022 шықәсазы Италиеи Уельси рҟны аматчқәа раан аиааира ахьыргаз азы ранашьан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы Арегби азы амилаҭтә аизга алахәылацәеи, азыҟаҵаҩцәеи 2025 шықәсазы Европа ачемпионцәа ртитул аиуреи аҳәынҭқарратә анашьамҭа аиуреи рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.