Қырҭтәыла ахада  37ҩык ашьауҕа  рхихит
Қырҭтәыла ахада  37ҩык ашьауҕа  рхихит

Қырҭтәыла ахада  Михаил Ҟавелашвили 37ҩык ашьауҕа  рхихит.

Қырҭтәыла ахада ипрессмаҵзура адыррақәа рыла,  ашьауҕа рықәхуп аҭакрадатә азыӡба змаз 29ҩыки,  абахҭа иҭакыз 5ҩыки, иара убас, хҩык аӡбамҭа рықәхуп.

„Қырҭтәыла ахада, иара Аконституциала ианашьоу аексклиузивтә азинмчы ихы иаирхәоит агуманизм апринципи аҳәынҭқарратә интересқәеи иазҧхьагәаҭаны“, – иануп атәыла ахада ипрессмаҵзура аинформациаҿы.