Қырҭтәыла авизит ашьҭахь, Евроеидгыла Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомиссар Маикл О’Флаерт Қырҭтәыла иазку аҳәамҭа алаирҵәеит
Қырҭтәыла авизит ашьҭахь, Евроеидгыла Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомиссар Маикл О’Флаерт Қырҭтәыла иазку аҳәамҭа алаирҵәеит

Қырҭтәыла авизит ашьҭахь, Евроеидгыла Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара акомиссар Маикл О’Флаерт Қырҭтәыла иазку аҳәамҭа алаирҵәеит.

“Аизарақәеи аарԥшра ахақәиҭра ахьчареи, ауаҩытәыҩса изинқәа реилагареи рзы аҭакԥхықәра адзаара, иҳәынҭқарратә аиҿкаарақәеи LGBT ахаҿқәа рстигматизациа ахыркәшареи” ҳәа хьӡыс щмоу аҳәамҭа Евроеидгыла авебдаҟьа ианылеит.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, Европа ахеилак Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара рзы акомиссар Маикл О’Флаерт 2025 шықәса ажьырныҳәа 21-23 рзы Қырҭтәыла дыҟан. Акомиссар Қырҭтәыла анапхгара иҭабуп ҳәа раиҳәоит аусеицуреи иаарту адискуссиақәеи рзы. Авизитаан Европа ахеилак Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара рзы акомиссар Маикл О’Флаерт анапхгареи атәылауаҩратә сектори рҟны аиԥыларақәа мҩаԥигеит. “Уи атәылауаҩратә уаажәларреи ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаҩцәеи рнархеи ахәшьара ҳарак аиҭеит. Акомиссар дара рахь ааԥхьара ҟаиҵоит ауаҩытәыҩса изинқәа реилагарақәа раԥырҟәҟәааразы иашьашәалоу аусзура нарыгӡарц”,- иануп аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭа инақәыршәаны, Европа ахеилак Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара рзы акомиссар Маикл О’Флаерт агәынамӡара аарԥшуеит2024 шықәса мшаԥы мзазы, иара убас абҵара 28 рзы аҭы́ԥ змаз адемонстрациақәа раан ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿ “закәандаралатәи аанкыларақәа ирызку ахарадҵақәеи, азакәанхьчаратә еиҿкаарақәа амч аиҳатәреи, идырым ахаҿқәеи (титушки ҳәа зышьҭоу) ирыдҳәаланы.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, акомиссар агәынамӡара ааирԥшуеит апротест иазку аԥҟрақәа ирыдҳәаланы.

Иара убас, Маикл О’Флаерт ишазгәеиҭаз ала,  “Аҳәынҭҵарратә маҵзура” иазку азакәан иалалаз аԥсахрақәа аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рзинқәа рыхьчара иарԥсыҽуеит. 

Аҳәамҭа инақәыршәаны, анапхгара рхаҭарнакцәа рҟны аиԥыларақәа раан,а комиссар ажурналист Мзиа Амаӷлобели лус дазааҭгылеит

Акомиссар агәынамӡара ааирԥшит “Адезинформациеи астигматизациеи ирызку азакәан акомбинациаатәылауаҩратә сектор ркыдцалара ахьахылҵыз”.

Евроеидгыла авебдаҟьа ианылаз аинформациа инақәыршәаны, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны акомиссар Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Лаша Дарсалиеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александре Дарахвелиӡеи, Аиустициа аминистр ихаҭыԥуаа Беқа Ӡамашвилии Нико Татулашвилии, Аусԥшааразы амаҵзура ҷыда аиҳабы Кока Кацитаӡеи, Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Бадашвилии, Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ Леван Иоселиании дырԥылеит.