Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Иран иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Иран иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҳәамҭа аланарҵәеит

Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Иран иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рзы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳәамҭа ишану ала,  Азербаиџьани Туркменистани рыбжьара иҟоу аҳәаа ахысразы азин ҷыда аҭахуп,   азин заур зҭаху Қырҭтәыла атәылауаа Иран иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа иадҵаалароуп.

«Иран иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа арежим ҷыдаҿы аусура нанагӡоит.

Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа Қырҭтәыла атәылауаа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп.

Адгьыл ала Иран алҵра ҟалоит   Азербаиџьани,  Шәамахьтәылеи,  Ҭырқәтәылеи,  Туркменистани ирылсны.

Азербаиџьани Туркменистани рыбжьара иҟоу аҳәаа ахысразы азин ҷыда аҭахуп,   азин заур зҭаху Қырҭтәыла атәылауаа Иран иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа иадҵаалароуп.

📞 Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа Ацәаҳәа ҷыда аномерқәа: +995 595 31 16 61; +98 912 075 83 97; +98 935 211 02 74», — иануп ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.