Қырҭтәыла аҧыза-министр Америкеи Венгриеи иҟоу Қырҭтәыла аҿыц ацҳаражәҳәаҩцәа, иара убас, Европа ахеилак аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнаки  дырҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Америкеи Венгриеи иҟоу Қырҭтәыла аҿыц ацҳаражәҳәаҩцәа, иара убас, Европа ахеилак аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнаки  дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Америкеи Венгриеи иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩцәа ҿыцқәеи, иара убас, Европа ахеилак аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнаки  дырҧылеит.

Америка Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дҟарҵеит Ҭамар Талиашвили, Венгриа – Николоз Лалиашвили, Европа ахеилак аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак иҭыҧ аанылкылеит Хатиа Ҵилосани.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы, аҧыза-министр адипломатцәа рмиссиақәа ралагара рыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа рзеиҕьеишьеит.

Ҭамар Талиашвили адипломатиатә маҵзуреи, аҳәынҭқарратә сектори, академиатә гәыҧқәеи рҿы аусура аҧышәа ду лымоуп. 2022 шықәса инаркны иахьанӡа Европа ахеилак аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнакс дыҟан. Лара зымч наӡоу адеспан ҷыда аранг ланашьоуп. Ҭамар Талиашвили Қырҭтәыла апарламенти аҳҭнықалақь Сакребулои дрылахәын.

Николоз Лалиашвили Казахстантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩс дыҟан. Аҳәынҭқарратә маҵзураҿы аусура аҧышәа ду имоуп. Еиуеиҧшым аамҭазы аус иуан Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрреи, Амилаҭтә шәарҭадара амаҵзуреи рҿы, иара убас, апарламент далахәын.

Хатиа Ҵилосани Қырҭтәыла апарламент далахәын, жәларбжьартәи аиҿкаарақәа рҿы аусура аҧышәа ду лымоуп. Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы Аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистрраҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа аанылкылон, аминистр ихаҭыҧуаҩсгьы дыҟан.