Қырҭтәыла апатриархиа - Қырҭтәыла ахадеи егьырҭ ахаҿқәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ирҳәо ажәацыԥхьаӡа аҭакԥхықәра дула иалырхырц, ииашам ажәақәа акатастрофа ахылҵыр алшоит
Қырҭтәыла апатриархиа - Қырҭтәыла ахадеи егьырҭ ахаҿқәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ирҳәо ажәацыԥхьаӡа аҭакԥхықәра дула иалырхырц, ииашам ажәақәа акатастрофа ахылҵыр алшоит

Қырҭтәыла Апатриархиа ауаажәлар рҟны еизыҟазаашьақәа рмаҵзура асоциалтә ҳаҿы Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили иашколқәеи, ауниверситетқәеи рахь иҟалҵаз ааԥхьара иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит.

“Арҭ амшқәа рзы атәылаҿ аибарххара ҟалеит. Аҭагылазаашьа есминуҭ ԥсаххоит. Абри еиԥш атагылазаашьаҿ ашколхәыҷқәеи зықәра наӡам ахаҿқәеи акциақәа рахь рааԥхьара иҽеим хымҩаԥгашьоуп.

Қырҭтәыла ахадеи егьырҭ ахаҿқәеи рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ирҳәо ажәацыԥхьаӡа аҭакԥхықәра дула иалырхырц, ииашам ажәақәа акатастрофа ирхылҵыр ҟалап”, – иануп аҳәамҭа аҿы.