Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа Азербаиџьан Милли Меџьлис ахантәаҩы илҧылеит
Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа Азербаиџьан Милли Меџьлис ахантәаҩы илҧылеит

Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа Азербаиџьан Милли Меџьлис ахантәаҩы Сахиба Гафарова илҧылеит.

Қырҭтәыла апарламент аинформациа ишану ала, аганқәа рхаҭарнакцәа азакәанҧҵаратә органқәа русеицура адинамика бзиа иалацәажәан, аусхкытә комитетқәа реизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаара иазааҭгылеит.

Иара убас, аиҧылараҿы, ҩ-тәылак рҿар рзы аиҭныҧсахларатә лагерқәа рпрограмма иалацәажәеит. Ҧхынгәыи нанҳәеи рзы ари апрограмма Азербаиџьани Қырҭтәылеи имҩаҧгахоит.

Аиҧылара ихы алаирхәит  Азербаиџьан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патариӡе.