Қырҭтәыла апарламент «MEGOBARI аct» иадҳәаланы аҳәамҭа аднакылeит
Қырҭтәыла апарламент «MEGOBARI аct» иадҳәаланы аҳәамҭа аднакылeит

Қырҭтәыла апарламент «MEGOBARI аct» иадҳәаланы аҳәамҭа аднакылеит.

Аҳәамҭа Адәныҟатәи зҵаарақәа ркомитет адигалеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭаҿы Қырҭтәыла апарламент «MEGOBARI акт» ахәшьара аҭаны, аҭак ҟанаҵоит.

Аҳәамҭа ишану ала, Зыӡбахәы ҳәоу «MEGOBARI акт»  аиҩызара акәӡам изызку, ииашам афактқәа рышьаҭала еиқәыршәоуп, ииашам алабҿабара аанарҧшуеит. Убри аҟынтә, ҳара даҽазнык аргументқәеи афактқәеи рышьаҭала, зегьы идҳарбароуп Қырҭтәыла аҭагылазаашьа зеиҧшраҵәҟьоу,  ари акт ахәшьара аҳҭароуп. Ахаҭарнакратә Палата иаднакылаз «MEGOBARI акт» аиҩызаратә ҟазшьа шамам ҳбоит. Апарламент, хымҧада, ари азҵаара иадҳәаланы ахатә позициа аанарҧшуеит.

«MEGOBARI аct» имцу хшьақәырӷәӷәагак ауп шьаҭас иамоу:

а) Қырҭтәыла адемократиа шьаҭахьҟа ацара иубарҭоуп;

б) Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла евроинтеграциа апроцесс иаԥырхагоуп;

в) Қырҭтәылеи «Урыстәылеи, Китаи егьыҭ авторитартә режимқәеи» (Џьамтәыла) иахәҭам еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп», — иануп аҳәамҭа аҿы.

Аҳәамҭаҿ иаагоуп «MEGOBARI аct» аҿы иаарԥшу агхақәа рацәаны.

“Қырҭтәыла Апарламент иҟанаҵаз ахәшьарала, атәыла аганахьала аҭыԥ амоуп ииашам азнеишьа, ҩ-стандартк рыла аҟазаара, ари зыбзоуроу – “диԥ сҭеиҭ”, уи Қырҭтәыла гәаӷшақә азныҟәоит аҩбатәи афронт аартра ҳахьаҿагылазы азыҳәан.

Қырҭтәыла Апарламент агәыӷра аанарԥшуеит ЕАШ анапхгара ҿыц “диԥ сҭеиҭ” арԥсыҽра шалшо, ЕАШ Аконгресс 200 шықәса ирылагӡаны амаз ахьӡи-аԥшеи рырхынҳәра шалшо”, – иануп аҳәамҭа аҿы.