Қырҭтәыла аофициалтә делегациа Папа Римтәи наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониаҿ [авидео]

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили аофициалтә делегациеи Папа Римтәи иҧсыжра ацеремониаҿ иҟоуп.

Қырҭтәыла ахада ицу аделегациа иалоуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, атәыла ахада иадминситрациа аиҳабы Қеҭеван Квиникаӡеи, Қырҭтәыла Апатриархиа Адәныҟатәи аимадарақәа рзы адепартамент ахантәаҩы,  амитрополит Герасими,  Қарҭтәи адоуҳатә академиеи асеминариеи аректор Гьаргь Звиадаӡеи.

Рим, иԥшьоу Пиотр иныхабааҿ Папа Римтәи Франциск наунагӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа мҩаԥган. Ватикан аинформациала, мшаԥы 21 рзы, 88 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара иалҵыз апонтифик наунагӡа абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит 250 000-ҩык раҟара. Аныхабаа хымш иаартын. Асааҭ 19:00 рзы ашәқәа адыркын, иҭацәыз ауахәамаҿ акәыба аркра ацеремониа мҩаԥган. Атрадициа инақәыршәаны, Папа Римтәи ихаҿы абырфынтә касы шкәакәа ақәыршәан. Апонтифик анышә дарҭоит мшаԥы 26 рзы. Папа иаанижьыз ауасиаҭ ала, уи анышә дарҭоит Рим агәҭаны иҟоу Санта-Мариа-Маџьоре абазиликаҿ.

Папа Римтәи инышә аҭара ацеремониа аҽалархәразы Рим иаҭаауеит 150 жәларбжьаратә делегациақәа. Асасцәа иреиуп ЕАШ ахада Дональд Трампи Меланиа Трампи, апринц Уилиам, Украина ахада Володимир Зеленски,  Германтәыла ахада Франк-Вальтер Штаинмаиер, аканцлер Олаф Шольц, Европатәи акомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лаиен, Франциа ахада Еммануэль Макрон.

Рим Украина ахада Володимир Зеленскии ЕАШ ахада Дональд Трампи еиԥылар ҟалап.