Қырҭтәыла Актәи аканал изҩыдоу аԥсҭазаашьа ашьақәыргылареи аларҵәареи рзы
Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара “Ахатәы ҳақьым” автор Мари Малазониеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаара “Хелԥинг ҳендси” апроект “Абиԥара ҿыц апандемиа ауадаҩрақәа ирҿагылоит” еицынарыгӡоит. Апроект ЕАР ахәыҷқәа рфонди ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара апрограммеи рыдгылара нагӡоит. Уи хықәкыс амоуп ақәыԥшцәа рҿы акоронавирус аларҵәара апревенциазы агигиенатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара, ақәыԥшцәа рыбжьара изҩыдоу аԥсҭазаашьа ашьақәыргылареи аларҵәареи.
“Изҩыдоу аԥсҭазаашьа ашьақәыргылареи аларҵәареи рзы Қырҭтәыла Актәи аканал априоритетқәа иреиуоуп. Апандемиаан ари азҵаара актуалра ду аман. Ауаажәларратә дырраҭара изҩыдоу аԥсҭазаашьа ашьақәыргылареи аларҵәареи рзы активрақәа рҽалархәраазыхиоуп”, – илҳәеит Актәи аканал адиректор хада Ҭинаҭин Берӡенишвили.
Апроект мҩаԥыргоит Қырҭтәыла 63 муниципалитетқәа рҿы, ишьаҭаркхоит аҿар рклубқәа. Апрогрмма рхы аладырхәоит 150-ҩык ақәыԥшцәа.