Ауаажәлар рыгәҭа аполиаризациа ду афонаҿ, аҵыхәтәантәи аамҭазы Ауаажәларратә дырраҭара ажурналистцәеи ихьыҧшым аредакциатә политикеи рахь ахарадҵарақәа рацәахеит.
Иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп иахьатәи зхы иақәиҭу, анеитралтә редакциатә политика – атәыла адемократизациа апроцесс аҿы ҳазынтәгьы, ауааҧсыра зегьы ирыбзоуроу ахьӡара ду шакәу.
Ауаажәларратә дырраҭара – атәылаҿы ахадаратә европатәи институтуп, уи ахьыҧшымра ихьчоуп Қырҭтәыла Аконституциа ала. Ауаажәларратә дырраҭара афинансыркра мҩаҧысуеит европатәи апрактика инақәыршәаны, уи изакәызаалак ак ала аредакциатә политикеи аиҿкаара ахьыҧшымреи иадҳәалам.
Уажәтәи афинансыркратә форма абзоурала, Ауаажәларратә дырраҭара аиҳабыреи аоппозициеи ирхьыҧшым.
«Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит аҵыхәтәантәи аамҭазы Ауаажәларратә дырраҭара иаиуз, жәларбжьаратәи аҭҵарақәа рыла ишьақәырҕәҕәаз анеитралтә статус ари аиҿкаарахь азҿлымҳара шазнарҳаз, политикцәақәак Ауаажәларратә дырраҭара рнапахьы иааргар рҭахуп, убри аҟынтә, даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит: Актәи аканал, аполитикатә елита ракәымкәа, еснагь ауаажәлар рымаҵ ауеит, уи хаангьы изакәызаалак политикатә мчык иадгылом, уажәы араҟа аус зуа ауааҧсыра ҧаса иҟаз агхақәа реиҭаҟаҵара азин рымам», — илҳәеит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили.