Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа
Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа

 

Қырҭтәыла Актәи аканал Саломе Зурабишвили Ауаажәларратә дырраҭара иазкны Европарламентаҿ  иҟалҵаз аҳәамҭа иахцәажәоит.

Қырҭтәыла ахада данықәгылоз илҳәеит: „Уажәы шәаргьы лабҿаба ижәбеит дара рофициалтә ҳәамҭақәа рҿы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рхеилак аҿы ишәыдышәкылаз аӡбарақәа ирызкны амц шырҳәо, шәара ари азҵаара иадҳәаланы аилыркаарақәа рыҟаҵара шәықәшәеит. Аха, шәара иҟашәҵаз аилыркаарақәа Ауаажәларратә дырраҭарала ма аиҳабыратә телеканалқәа рыла иоурыжьҭуам. Убри аҟынтә,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ иадгыло, арҭ аканалқәа ирыхәаҧшуа ауаа аиҳабыра амц шырҳәо рыздырӡом. Иаартны исҳәар сҭахуп, Қырҭтәыла зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа мҩаҧысаанӡа, ақырҭуаа иаангылараны иҟам, избанзар, уи уажәтәи аҭагылазаашьа алҵразы адемократиатә политикатә мҩа заҵәуп“.

Ари аҳәамҭаҿы Қырҭтәыла ахада амц лҳәеит, лара Ауаажәларратә дырраҭара ахьӡ ҧхасҭалтәыр лҭахын.  Қырҭтәыла Актәи аканалаҿ аларҵәара рыман атәылақәа рыхҧагьы  – Румынтәылеи, Италиеи, Испаниеи рдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа рҳәамҭақәа, арҭ аҳәамҭақәа цәырган ҧхынҷкәын 18 асааҭ 10:00 рзы аефирахь иҭыҵыз аинформациатә дырраҭара  „Моамбе“ аҿы.

Қырҭтәыла ахада акы еиҧшымкәа ҳлыҳәоит уажәтәи иуадаҩӡоу аҭагылазаашьаҿы  Ауаажәларратә дырраҭара хықәкыла ҧырхага азаагара даҟәыҵырц.