Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәылатәи арбџьармчқәа закәандарала иааныркылаз Алеқси Мамулиеи Иуане Џьаҧиашвилии рхы иақәиҭуп
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Урыстәылатәи арбџьармчқәа закәандарала иааныркылаз Алеқси Мамулиеи Иуане Џьаҧиашвилии рхы иақәиҭуп
Гори амуниципалитет иаҵанакәа Қвемо Ниқози ақыҭа иазааигәаны урыстәылатәи арбџьармчқәа закәандарала иааныркылаз Алеқси Мамулиеи Иуане Џьаҧиашвилии рхы иақәиҭуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.
Алеқси Мамулиеи Иуане Џьаҧиашвилии рхақәиҭтәра апроцесс иалахәын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаҧшратә миссиа (МНЕС), иара убас, ахархәара рыман Қырҭтәыла анапхгара рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы.
«Ацентртә напхгара, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцырхрааны, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәразы активла аусура нарыгӡоит», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.