Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура  - Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Каха Цхелиӡеи Гьаргь Читаӡеи рхы иақәиҭуп
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура - Урыстәылатәи ампыҵахаларатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Каха Цхелиӡеи Гьаргь Читаӡеи рхы иақәиҭуп

Жәабран 16 рзы Қарели амуниципалитет Дирби ақыҭа ааигәара урыстәылатәи арбџьармчқәа закәандарала иааныркылаз Каха Цхелиӡеи Гьаргь Читаӡеи рхы иақәиҭуп.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура.

«Каха Цхелиӡеи Гьаргь Читаӡеи рхақәиҭтәра апроцесс иалахәын Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла анаҧшратә миссиа  (EUMM), иара убас, ахархәара рыман Қырҭтәыла анапхгара рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы.

Ацентртә напхгара, жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцырхрааны, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иаанкылоу Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәразы активла аусура нарыгӡоит», — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.