Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла  -  2024 шықәсазы  Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа  7  миллион 400 нызқьҩык апассаџьырцәа рыдыркылеит
Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла  -  2024 шықәсазы  Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа  7  миллион 400 нызқьҩык апассаџьырцәа рыдыркылеит

Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла адыррақәа рыла,  2024 шықәсазы Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рҿы апассаџьырцәеи ареисқәеи зеиҧшҟамлац ала ирацәан.

Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла агенералтә директор Иракли  Қарқашаӡе иҳәамҭала, 2024 шықәса Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рзы аҭоурыхтә шықәсан. Шықәсык иалагӡаны аҳаирбаҕәазақәа рыдыркылеит  7 425 399ҩык апассаџьырцәа,  зынӡа имҩаҧган  31 937 ареисқәа. Ҵыҧхтәи ашықәс иаҿаҳарҧшыр,  апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара иазҳаит  24%-ла,  ареисқәа рхыҧхьаӡара  – на 25%-ла .

«2024 шықәса Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа рзы аҭоурыхтә шықәсан. Шықәсык иалагӡаны ҳҳаирбаҕәазақәа рыдыркылеит  7 425 399ҩык апассаџьырцәа.  Иара убас,  2024 шықәсазы 10 авиаеилахәырак рҟны аиҿцәажәарақәа  қәҿиарала ихыркәшан, 13 ахырхарҭа ҿыцқәа ҳамазаауеит, убри аҟынтә,  2025 шықәсазы апассаџьырцәагьы иаҳа ирацәахоит», – иҳәеит Иракли Қарқашаӡе.

2025 шықәса хәажәкыра инарнкы Қырҭтәыла авиаџьармыкьаҿ аусура иалагоит иреиҕьу британиатәи авиаеилахәыра  – British Airways. Иара убас, хәажәкыра инаркны ишиашо арегулиартә реисқәа рынагӡара иалагоит британиатә  лоукост-еилахәыра  easyJet, уи аҳаирбаҕәазақәа Лондони, Женевеи Милани рхырхарҭала иҧыруеит. Мшаҧы 9 инаркны ақырҭуа џьармыкьаҿ аусура иалагоит  Transavia France,  уи Париж-Қарҭ-Париж ареисқәа мҩаҧнагоит. Мшаҧы 12 инаркны мчыбжьыкахь ҩынтә аҧырра иалагоит  Edelweiss, ари авиаеилахәыра Циурих-Қарҭ-Циурих ахырхарҭала ареисқәа мҩаҧнагоит. Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла, аҿыц хырхарҭақәа раартреи аоператорцәа рыдаҧхьалареи амзызла,  егьырҭ авиаеилахәырақәа рҟынгьы аиҿцәажәарақәа мҩаҧнагоит», – иануп Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла аинформациаҿы.