Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр иҭыԥ аанылкылоит Мариам Қвривишвили
Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр иҭыԥ аанылкылоит Мариам Қвривишвили.
Ари атәы абрифинг аҿы ааицҳаит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.
Мариам Квривишвили анапхгаратә партиа аполитикатә хеилак далахәуп, 2019-2020 шш. рзы Амилаҭтә туризм агентра дахагылан, 2021 ашықәса лаҵара 24 инаркны Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵан.
Аекономика аминистр Леван Давиҭашвили инапынҵақәа шьҭеиҵеит, уи аекономика азҵаарақәа рзы аԥыза-министр ибжьагаҩс, Аекономикатә хеилак амаӡаныҟәгаҩс дҟалоит. Леван Давиҭашвили Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистр иҭыԥ 2022 шықәса жәабра 9 рзы ааникылеит, 2021 шықәса ԥхынгәы 12 инаркны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан.