Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаа аделимитациа иазку акомиссиа аделимитациа апроцесс алагара иадҳәаланы иаднакылаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит

20:38, 22.04.2024

«Қырҭтәыла Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рыбжьара аҳәаа аделимитациа иазку акомиссиа аделимитациа апроцесс алагара иадҳәаланы иаднакылаз аиқәшаҳаҭра иадгылоит», – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

«Қырҭтәыла арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчра аиқәыршәара иазҿлымҳауп. Қырҭтәыла даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит  агәылацәа рыбжьара аҭынчреи агәреибагареи аиҭашьақәыргылара аус аҿы алагала аҟаҵара ишазыхиоу», — иануп аҳәамҭаҿы.

 

Еиԥшу