Қеҭеван Цихелашвили – Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҩызаратә гәыҧ аҳәамҭа рыдыркылан, урыстәылатәи агрессиеи уажәгьы инагӡо ампыҵахалареи ҕәҕәала иақәыӡбит
Қеҭеван Цихелашвили – Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҩызаратә гәыҧ аҳәамҭа рыдыркылан, урыстәылатәи агрессиеи уажәгьы инагӡо ампыҵахалареи ҕәҕәала иақәыӡбит

Жәларбжьаратәи афорумқәа зегьы рҿы Қырҭтәыла адгыларатә аҳәамҭақәа ҟаҵазароуп, уи аҵакы ду амоуп, – илҳәеит Австриа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак Қеҭеван Цихелашвили.

Цихелашвили лҳәамҭала, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аконсенсус ашьаҭала аус зуа аиҿкаароуп, урыстәылатәи агрессиа аан аконсенсус апринципла аусура уадаҩуп. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы аиҩызаратә гәыҧ амазароуп, уи иаҵанакәа рацәоуп.

„Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҩызаратә гәыҧ аҳәамҭа рыдыркылан, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла иаҿагылаз урыстәылатәи агрессиеи уажәгьы инагӡо ампыҵахалареи ҕәҕәала иақәыӡбит.  Дара иаҵшьны иазгәарҭеит ампыҵахалара иахылҵуа ашәарҭадаратәи агуманитартәи алҵшәа цәгьақәа рзы аҭак шыҧхықәу Урыстәылатәи афедерациа. Аҳәамҭаҿы Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҵан Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтәи рбџьармчқәа алыргарц, ргәылара иҟоу Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи пату ақәырҵарц. Иара убас, аҳәамҭаҿы азгәаҭан Қырҭтәыла атәылауаҩ Ҭамаз Гинтури ишьра афакт.  Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, абри ихьанҭаӡоу афакт даҽазнык аанарҧшит аихатә ҭел наҟ-ааҟ инхо ауааҧсыра рҭагылазаашьа даараӡа ишыцәгьоу, дара  рыҧсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара ишҭагыло. Насгьы, ишазгәаҭоу ала,  импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иҟалаз ауаҩшьра афактқәа ирыдҳәаланы аӡәгьы ахьырхәра иҭам. Аҳәамҭа авторцәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит жәларбжьаратәи аиҩызара Қырҭтәыла аҭынчратә политика ишадгыло, уи ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп. Ҳара ари ахырхарҭала аусура наҳагӡоит. Жәларбжьаратәи афорумқәа зегьы рҿы Қырҭтәыла адгыларатә аҳәамҭақәа ҟаҵазароуп“, – илҳәеит Цихелашвили.