Қарҭтәи ателебааш Украина абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп
Қарҭтәи ателебааш Украина абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп

Иахьа Украина азгәарҭоит ахьыҧшымра ашьақәыргылара инаркны 32 шықәса аҵра.   Қарҭ ахадара апресс-маҵзура адыррала,  Украина амилаҭтә аныҳәамш инамаданы, Қарҭтәи ателебааш Украина абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп.

Иара убас, аукраин жәлар ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе, иара украинаа аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи мышхәыбзазареи рзеиҕьеишьеит.

„Аиҩызарала иаҳзыҟоу Украинеи афырхаҵаратә жәлари Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит. Шәықәҧара аиааиреи аҭынчреи шәзаанагааит! Украина иазеиҕьасшьоит аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылареи мышхәыбзазареи!“, – азгәеиҭеит Каха Калаӡе.

Украина аҳәынҭқарратә хьыҧшымра рыларҳәеит  1991 шықәса нанҳәа 24 рзы.