Қарҭтәи ателебааш Израиль абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп
Қарҭтәи ателебааш Израиль абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп

Израиль иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы, адгылара адыргала, Қарҭтәи ателебааш Израиль абираҟ аҧштәқәа рыла ирлашоуп.

Аҵыхтәантәи адыррақәа рыла, „Ҳамас“ ала имҩаҧгаз ажәыларан, Израиль иҭахеит  600ҩык иреиҳаны,  2 000ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит, 100ҩык иреиҳаны хабарда иӡит ма атҟәараҿы иҟоуп  ҳәа иҧхьаӡоуп.

Иара убас, аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Ҕаза асектор азы иаҭакны инагӡаз ажәылараан иҭахеит 370ҩык раҟара ауааҧсыра.

Қарҭтәи ателебааш Израиль абираҟ аҧштәқәа рыла арлашара афакт иақәҿырҭит Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа.  „Қарҭ ҳаҭабууп адгыларазы“, – иануп ацҳаражәҳәарҭа авебдаҟьа.