Қарҭтәи аҳаирбаҕәазантә, Қырҭтәыла аизга адгыларазы, EURO 2024 ашҟа азгәыбылҩцәа раҧхьатәи ргәыҧ идәықәлеит
Қарҭтәи аҳаирбаҕәазантә, Қырҭтәыла аизга адгыларазы, EURO 2024 ашҟа азгәыбылҩцәа раҧхьатәи ргәыҧ идәықәлеит

Рашәара 16 рзы Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә раҧхьатәи ачартертә реис мҩаҧган,  ари ареисла, Қырҭтәыла аиҳабыра асубсидиақәа ззоурыжьҭыз абилеҭқәа рыла  Германтәылаҟа идәықәлеит азгәыбылҩцәа раҧхьатәи ргәыҧ.

Зынӡа  17 ачартертә реисқәа мҩаҧгахоит,  5220 билеҭқәа рҭихьеит.

Қырҭтәыла аиҳабыра еиҿыркааз ачартертә реисқәа рзы асубсидиақәа ззоужьҭу абилетқәа раахәара ҟалот  2024 шықәса лаҵара  24 инаркны, онлаин портал TKT.GE аҿы. Асубсидиатә ахәла абилетқәа аархәар рылшоит Қырҭтәыла атәылауаа мацара.