„Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҽалархәразы Қарҭ даҭааит Никол Ҧашиниан
„Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҽалархәразы Қарҭ даҭааит Никол Ҧашиниан

„Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҽалархәразы Қарҭ даҭааит Никол Ҧашиниан

„Қарҭтәи Абырфынтә мҩа афорум” аҽалархәразы Қырҭтәыла даҭааит Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аиҳабыра рпресс-маҵзура.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Шәамахьтәылатәи ареспублика аҧыза-министр иҧылеит Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡеи  Қырҭтәыла иҟоу Шәамахьтәылатәи ареспублика ацҳаражәҳәаҩ Ашот Смбатиани Шәамахьтәылатәи ареспубликаҿы иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Гьаргь Шарвашиӡеи.

Никол Ҧашиниан аделегациа ицуп. Афорум аофициалла иахьа аадыртуеит.