Қарҭи Сенакии Леселиӡеи еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы аиҭаҵра арежим ҷыда шьақәыргылахоит
Автомобилтә мҩақәа рдепартамент адыррала, Қарҭи Сенакии Леселиӡеи еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы аиҭаҵра арежим ҷыда шьақәыргылахоит.
«Қарҭи Сенакии Леселиӡеи еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы, Қсани аӡиасаҿ иҟоу ацҳа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымшала, ацҳа аҟынтә мраҭашәара ахырхарҭала, рашәара 5 инаркны анеҩстәи ҩымз рыҩныҵҟа аҧкрақәа иҟазаауеит, аиҭаҵра ҟалоит цәаҳәак мацарала», — иануп аинформациаҿы.