Қарҭи, Русҭавии, Қәҭешьи, Баҭыми ашәҟәы иҭагалоу ауааҧсыра иахьа асааҭ 21:00 инаркны, абарҭ ақалақьқәа  изрылҵуам - абарҭ ақалақьқәа ралалара ма ралҵра азин змада
Қарҭи, Русҭавии, Қәҭешьи, Баҭыми ашәҟәы иҭагалоу ауааҧсыра иахьа асааҭ 21:00 инаркны, абарҭ ақалақьқәа изрылҵуам - абарҭ ақалақьқәа ралалара ма ралҵра азин змада

Иарку амуниципалитет алалара ма алҵра азин змада?
• Ақалақьқәа Қарҭи, Русҭавии, Қәҭешьи, Баҭыми ашәҟәы иҭагалоу ауааҧсыра мшаҧы 15 асааҭ асааҭ 21:00 инаркны, абарҭ ақалақьқәа (амуниципалитетқәа) изрылҵуам.
• Аҧкрақәа амч анроулак ашьҭахь, ақалақьқәа Қарҭи, Русҭавии, Қәҭешьии, Баҭыми ралҵра азин рымоуп егьырҭ амуниципалитетқәа рҿы (иаҳҳәап, Хашури) ашәҟәы иҭагалоу ауааҧсыра мацара. Аха, хыхь еиқәыҧхьаӡоу ақалақьқәа (амуниципалитетқәа) ирылҵны, ашҟәы иахьҭагалоу аҭыҧ ашҟа идәықәло ауааҧсыра, зыӡбахәы ҳәоу ақалақьқәа (амуниципалитетқәа) рахь изыхынҳәуам.
• Ақалақьқәа Қарҭи, Русҭавии, Қәҭешьи, Баҭыми ралалара азин рымоуп абарҭ ақалақьқәа (амуниципалитетқәа) рҿы фактла инхо ауааҧсыра ракәымкәа, ашәҟәы иҭагалоу ауааҧсыра мацара.
• Иарку ақалақьқәа (Қарҭ, Қәҭешь, Баҭым, Русҭави) ирыҧну ма дара рҟны аекономикатә аимадара ҕәҕәа змоу аиланхарҭақәа (иаҳҳәап, Ҵодореҭи, Мухаҭҵҟаро, Наҧетвреби уб.егь.) рҿы фактла инхо ма ашәҟәы иҭагалоу ауааҧсыра аиҭаҵра рҭаххар, Ацәаҳәа ҷыда ашҟа аҭел иасроуп (144).

Аҧкра ҿҳәарас иамои?
• Аҧкра 10мшы аҿҳәара амоуп, аха аҧкра аҿҳәара аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иахьыҧшуп.

Иарку ақалақь (амуниципалитет) аҿы амедицинатә цхыраара сҭаххар, иҟасҵарц сыхәҭои?
• Амедицинатә цхыраара аиура амзызла аиҭаҵра зҭаху ауааҧсыра Ацәаҳәа ҷыда ашҟа аҭел иасроуп (11505).

Амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡаразы хымҧада сныҟәароуп. Сзызҵаалода?
• Амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡаразы, азинҷыда ала, аиҭаҵра ҟалоит. Уи еиҧш ахымҧадара цәырҵыр, иашьашәалоу аусбарҭақәеи, анаплакқәеи, аекономикатә субиектқәеи иашьашәалоу аусхкқәа рминистррақәа ирыдҵаалароуп, арҭ аминистррақәа, аиҭаҵра азин зырҭаша ауааҧсыра рсиазы еиқәшаҳаҭхоит Аоперациақәа рштаб аҟны.

Иарку ақалақь (амуниципалитет) ашҟа снарышьҭырц азыҳәан, ахылаҧшратә аушьҭратә пункт аҿы иарбан документқәоу ицәыргатәу?
• Шәара ицәырыжәгароуп ахаҭара зыршаҳаҭуа агәраргага, амаҵзуратә ҧхықәрақәа рынагӡаразы аиҭаҵра шәықәшәар (иаҳҳәап, аҳақьым, адукат, уб.егь.) шәмаҵура зыршаҳаҭуа аилкаа.