Қарҭи Берни аилыбакаара амеморандум рыбжьарҵеит
Қарҭи Берни аилыбакаара амеморандум рыбжьарҵеит

Аофициалтә визитла Берн иҟоу Қарҭ ахада Каха Калаӡе  Берн ахада  Алек фон Графенрид диҧылеит.

Қарҭ ахадара адыррала, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла-Швеицариатәи аизыҟазаашьақәа ирылацәажәан, иаҵшьны иазгәарҭеит Қарҭи Берни рыбжьара аусеицура арҭбаара аҵакы ду шамоу.  Хшыҩзышьҭра азун атранспорти аурбантә аҿиареи аганахьала Берн  аҧышәа ду.

Ҩ-ганктәи аиҧылараҿы Қарҭи Берни рхадацәа аилыбакаара амеморандум рнапы аҵарҩит.  Ақалақьқәа реизыҟазаашьақәа ирыҵанакуеит абарҭ ахырхарҭақәа: ақалақь аҿиара, атранспорт, ауаажәларратә шәарҭадара, атехнологиа, аҵара, акультура, атуризм.

Каха Калаӡе Берн ахада Қарҭҟа дааиҧхьеит.