Қарҭ, Вильниус асквераҿ имҩаҧган 1991 шықәса ажьырныҳәа 13 рзы Вильниус иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа раан иҭахаз афырхацәа ргәаларшәаратә уснагӡатә
Қарҭ, Вильниус асквераҿ имҩаҧган 1991 шықәса ажьырныҳәа 13 рзы Вильниус иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа раан иҭахаз афырхацәа ргәаларшәаратә уснагӡатә.
Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Лиетува ацҳаражәҳәарҭа.
„Қырҭтәыла иҟоу Лиетуватәи ареспублика ацҳаражәҳәарҭа аиҿкаарала, иахьа Қарҭ, Вильниус асквераҿ имҩаҧган 1991 шықәса ажьырныҳәа 13 рзы Вильниус иҟалаз атрагедиатә хҭысқәа раан иҭахаз афырхацәа ргәаларшәаратә уснагӡатә.
Убри амш азы зқьҩыла лиетуваа асоветтә репрессиатә режим иаҿагылеит.
Асоветтә ар агәымбылџьбара иалаӡит 14ҩык лиетуваа, аахақәа зауз иаҳа ирацәоуп. 1991 шықәса ажьырныҳәа 13 рзы иҟалаз ахҭысқәа иахьа иазгәаҳҭоит ахақәиҭра азықәҧара амш ҳасабала. Усҟан иҭахаз ауааҧсыра ргәаларшәаразы, ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи Қырҭтәыла иқәынхо лиетувааи ацәашьқәа дыркын, амца еиқәҵаны, Лиетува амилаҭтә хьыӡрашәа рҳәеит“, – иануп ацҳаражәҳәарҭа аинформациаҿы.